Аԥсны

2023 шықәса рашәарамзаахыс "Ласточка" Аԥсныҟа иаанагеит 48 нызқьҩык апассаџьырцәа

2023 шықәсазы "Ласточка" амаршрут Шәача-Гагра ала аныҟәара иалагеит рашәара 8 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik. 2023 шықәса рашәарамзаахыс абҵарамза анҵәамҭанӡа "Ласточка" Аԥсныҟа иаанагеит 48 нызқьҩык апассаџьырцәа ҳәа рҳәеит "Аԥсны аихамҩақәа" апресс-маҵзураҟны.
Аиҿкаараҿы абарҭ адыррақәа адырбеит:
рашәарамзазы – 3480-ҩык,
ԥхынгәымзазы – 10652-ҩык,
нанҳәамзазы – 15826-ҩык,
цәыббрамзазы – 11624-ҩык,
жьҭаарамзазы – 4177-ҩык,
абҵарамзазы – 2550-ҩык.
2024 шықәсазы иазгәаҭоуп "Ласточка" Аҟәаҟа аара, 2026 шықәсазы - Очамчыраҟа. Ари азы абиуџьет иахыххоит Гәдоуҭатәи авокзали апавильон "Ԥсырцхеи" реиҭашьақәыргыларазы аԥарақәа ҳәа иҳәеит уаанӡа ахада Аслан Бжьаниа.