АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Алаҳаӡы ақыҭаҿы ишьақәдыргылеит амшынцәқәырԥақәа зԥырхагахаз аҩнқәеи абизнес обиектқәеи рхыԥхьаӡара ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Мукаил Каишьиан.
Иара иажәақәа рыла, 15 ҩны, 5 сасдкыларатә ҩны, аԥхынтәи акаҳуажәырҭақәа 7, ахәаахәҭырҭа ҭыԥқәа10 аԥхасҭа роуит.
"Ауаа ахьынхоз аҩнқәа рҿы ԥхасҭа ӷәӷәаӡак ҟамлеит, иахьӡеит абзазаратә техника, аҩнымаҭәа рышьҭыхра. Иахьазы 5-6 рзаҳал роуп иаҳзааргахьоу аматериалтә цхыраара аиуразы", - иҳәеит Каишьиан.
Иара иҳәеит аӡыршьҭра арыцқьара шыхдыркәшаз, аха макьаназы ишыӡбам Туманиани Абовиани рыхьӡ зху амҩақәа рыбжьара автомашьынатә бжьысырҭа азҵаара. Уа иаҭаххоит здиаметр 800 миллиметра иҟоу амҩангагақәа рыԥсахра.
Аҭыԥантәи амчрақәа ари азҵаара рхала ирыӡбарц ргәы иҭоуп.
Абҵара 26-27 руха Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуаз амшынцәқәырԥара ӷәӷәа ҟалеит. Аиҳарак аԥхасҭа роуит Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи. Амшцәгьа Аԥсны ахәҭакгьы аҵанакит.