Сынтәа Афонҿыцтәи аҳаԥы иаднакылеит 385 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа. Ҵыԥхтәи аамҭеи иахьеи еиҿурԥшуазар, ԥшь-нызқьҩык рыла еиҵоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит Ԥандариа.
"Ахашәала акәзар, сынтәа 269 миллион 500 нызқь мааҭ иартәоит. Сынтәа аԥсшьаҩцәа бзианы иаҳҭааит, зегьы ргәы нмырхакәа имҩаԥаҳгазшәа ҳгәы иабоит. Аԥхын аамҭазы агәаран анырацәаз ыҟан, аха даргьы еилыркаауеит ҳалшара зеиԥшроу. Ҽнак 2000-2500-ҩык рҟныӡа анҳадаҳкыло иҟоуп", - иҳәеит Ԥандариа.
Сынтәа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара амаҷхаразы Ԥандариа иҳәеит ишыҟоу еиуеиԥшым амзызқәа, иаҳҳәап, хәылбыҽхала иааиуа зықәра неихьоу атуристцәа егьырҭ аҭыԥ ԥшӡарақәа рышьҭахь икарахоит, мап ацәыркуеит, мамзаргьы знык иҭалахьеит, аҩынтә раан ирҭахым ҳәа азгәеиҭеит иара.
Акадифааамҭазы аԥсшьаҩцәа рааира атәы далацәажәо, иҳәеит макьана ҵыԥхтәи арбагақәа реиҳа ишеиҳау.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.