Аԥсны

Гагра араион аҿы алашара аиура шьақәыргылоуп

Аԥсны, Гагра араион абҵара 26-27 руха ӷәӷәала амшынцәқәырԥара ыҟан.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион аҿы алашара аиура еиҭашьақәыргылоуп ҳәа иҳәеит Гагратәи араионтә фымцастанциа аиҳабы Аслан Аиба.

"Иаха алашара зегьы ирзынаҳашьҭит. Макьаназы аус зымуаны иҟоу аӡыҭгага станциоуп. Амшынеисраан атрансформаторқәеи аҩнқәа рыҵақәеи аӡы рыҵалеит. Иҟоуп аӡы ахьҭаҳтаз, иҟоуп ахала иахьцаз", - иҳәеит иара.

Аиба иазгәеиҭеит атрансформаторқәа ԥырхага шырмоуз. Апроблема аҽацәыхьчара алшеит Гагра иахьаҵанакуа амшын хыҵаанӡа алашара ахьдырцәаз ҳәа.
Убри аан иазгәеиҭеит аԥша иканажьыз ашьаҟақәа рыԥсахреи икаҳаз аҵлақәа рықәгареи рганахьала аусурақәа шцо.
Арадио
Бганба еиҭеиҳәеит амшцәгьа ашьҭахь Гагра ауааԥсыра ироуа ацхыраара атәы
Быжь-баллк иҟаз амшынцәқәырԥақәа Гагра амшын иаԥну аинфраструктуреи ахатәыҩнқәеи ааха рнаҭеит.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб АҶА, "Амшынеиқәафымцамч", Аҟәеи Гагреи рнапхгаҩцәа алархәны абҵара 28 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы. Анапынҵа ҟаиҵеит аусурақәа шцо азы адырра ирҭаларц.