Урыстәыла

Москва аихамҩастанциаҿы атеракт аԥдырҟәҟәааит

Ашьаус хацыркуп атеракт амҩаԥгара азырхиарази (АЗ 205) закәаншьаҭада артҟәацга азырхиарази (АЗ 223).
Sputnik
АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Москва аихамҩастанциаҿы абылтәы зҭаз ацистерна аԥжәара зыгәҭакыз ахаҵа дааныркылеит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит Москва ашьаусҭҵааратә еилакы аиҳабы ицхырааҩ Иулиа Иванова.
"Москва, Москватәи арегион иахьаҵанакуа аихамҩастанциаҿы абылтәы зҭаз ацистерна аԥжәара зыгәҭакыз ахаҵа дааныркылеит", - ҳәа лҳәеит АЕ ахаҭарнак.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, 1983 шықәсазы ииз ахаҵа "макьаназ ишьақәыргылам ахаҿы" иҟынтәи адҵа иоуит, аԥаразы атеракт – абылтәы зҭаз ацистерна аԥжәара – амҩаԥгара дақәшаҳаҭхеит.
Аусбарҭа апресс-релиз ишаҳәо ала, ахаҵа аԥхьа уаанӡа идырбахьаз аҭыԥ аҟынтәи артҟәацгатә маҭәашьар игеит, нас – Алада-Мраҭашәаратәи административтә округ аҭыԥ маӡаҟынтә артҟәацга игеит.
Абри ашьҭахь ахаҵа даанкылан. АЕ аҟны икьыԥхьу авидео аҿы ахаҵа иҳәеит "амаҵзура ҷыда аусзуҩ адҵа ииҭацыԥхьаӡа Украина аҵакырахь узгоит" ҳәа шиеиҳәоз.