АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит 2023-2024 шш. рзы ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭаз шаҟа укыр ҟалои азеиԥш аӡы-биологиатә ресурсқәа рхышәаҵышәеи.
Зыкра ҟало аԥсыӡи уи шаҟа ыҟоу ахышәаҵышәеи:
Акамшьиа - 90 000 тонна (иҟоуп ҳәа иазгәаҭоу), - 27 000 тонна (иукыр иҟало),
Аҵыхәшәыгә - 1 000 тонна (иҟоуп ҳәа иазгәаҭоу), - 150 тонна (иукыр иҟало),
Агәыҵаԥшь - 600 тонна (иҟоуп ҳәа иазгәаҭоу), - 95 тонна (иукыр иҟало),
Аԥсардаҳан - 1 000 тонна (иҟоуп ҳәа иазгәаҭоу), - 340 тонна (иукыр иҟало),
Аидыԥсала - 450 тонна (иҟоуп ҳәа иазгәаҭоу), - 100 тонна (иукыр иҟало),
Амшынла - 20 тонна (иҟоуп ҳәа иазгәаҭоу), - 3 тоннак (иукыр иҟало),
Ашәиаҟ - 55 тонна (иҟоуп ҳәа иазгәаҭоу), - 6 тоннак (иукыр иҟало),
Ақәҵара азин ҟанаҵом аԥсыӡкраамҭаан аҿыцкыра, ирхьшәашәоу, ма иҵаарку аԥсыӡ аекспорт. Азин ыҟоуп урыстәылатәи аԥсыӡкратә наплакқәа рыԥсыӡ заҵәык аекспорт.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра анапы ианҵоуп аӡы-биологиатә ресурсқәа рхархәаразы аԥара алхра аиқәыршәара, урҭ ареспубликатә биуџьет рахыԥхьаӡалара ахылаԥшра.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхартә еилакы, Ақыҭанхамҩа аминистрра, Аекологиаз аҳәынҭеилакы ақәҵара анагӡашьа ирхылаԥшлароуп.