Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Шьынқәба аԥхьаӡагақәа Очамчыра рықәыргылара иазкны

Sputnik
Жьҭаарамза 27 инаркны Очамчыра ақалақь аҿы афымцалашара аԥхьаӡагақәа рышьақәыргылара иаҿуп. Иахьазы урҭ шьақәыргылоуп 300 инареиҳаны. Ҳаԥхьаҟа шаҟа шьақәдыргылараны иҟоу, "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа ззыԥшу алҵшәақәа, ашәара аганахьала араион аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, иааидкыланы фымцалашарала аиқәыршәараҟны араион аҟны ицәырҵуа ауадаҩрақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит "Амшынеиқәафымцамч" Очамчыра араионтә ҟәша аиҳабы Роберт (Беслан) Шьынқәба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.