Аԥсны

Гагра ахәҭак ӡыда еиҭаанхеит

Абҵара 26-27 ауха амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуаз иҟаз амшынцәқәырԥара иахҟьаны Гагра аӡыҭгагақәеи атрансформатортә станциа маҷқәеи аӡы рыҵалеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Аӡыҭгагатә станциа "Репруа-2" сааҭқәак аус анау ашьҭахь иааныркылеит афымцеиқәыршәараҿ аиԥҟьарақәа аныҟала ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит АУН "Гагра аӡыршьҭра".
Аремонттә усурақәа ирылагахьеит, хара имгакәа астанциа аусура еиҭаладыргоит.
Абҵара 26-27 ауха амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуаз иҟаз амшынцәқәырԥара иахҟьаны Гагра аӡыҭгагақәа аӡы рыҵалеит. Абҵара 26 инаркны абҵара 30 рҟынӡа ақалақь ауааԥсыра ӡыда иҟан, уи иазку амашьынақәа рыла аӡы рызнаргон.