Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи аекипаж зҭамыз акатер Амшын еиқәа иахьаҵанакуаз иҭадырхеит

Ҟрым аӡымҽхакыра хылаԥшра арҭоит аҳаирпланқәа Су-30СМ, Су-24М. Дара рхархәарала ирышьҭаԥшуеит амшынтә дронқәа, УАМ адесанттә шхәақәа, иҭадырхоит авиациатә бзарбзанқәа рыла ма авиациатә бомбақәа рыла.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 – Sputnik. Амшын еиқәатә флот авиациа аҳаирпланқәа Ҟрымҟа зхы хаз украинатәи амшынтә дрон ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Асааҭ 08:00 ҟалахьаны Амшын еиқәа аӡымҽхакра мраҭашәаратәи ахәҭаҿы Ҟрымтәи адгьылбжьахахьы зхы хаз аекипаж зҭам украинатәи акатер азгәаҭан. Аштаттә бџьар ала акатер ҭархан", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Ииасыз амчыбжь азы Амшын еиқәа афлот аинформациатә еиқәыршәара аҟәшаҟынтә адырра ҟаҵан Ҟрым амшын аԥшаҳәа хылаԥшра рырҭалоит аҳаирпланқәа Су-30СМ, Су-24М ҳәа.