“Идырым аибашьра аҭоурыхқәа” рконкурс ажиури шьақәырӷәӷәоуп. Ирацәоума иалаҵоу аусумҭақәа, ажиури аусура шԥеиҿкаау, иарбан номинациақәоу сынтәа иҟало, абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак арадио Sputnik аефир аҿы иҟаиҵеит ажиури алахәыла, апоет, апублицист Владимир Занҭариа.
Аԥсны ажурналистцәа реидгылеи Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы аҳәынҭқарратә комиссиеи еицымҩаԥырго аицлабра аԥхьахәтә фонд сынтәа ҩынтәны ишьҭыхын, 300 нызқь мааҭ артәоит.
Владимир Занҭариа идгалоуп акьыԥхь ианылаз аусумҭақәа ргәаҭара, уахь иаҵанакуеит агазеҭқәа, ажурналқәа, аинформациатә саитқәа рҿы икьыԥхьу аматериалқәа.
"Аусумҭақәа срыԥхьеит, урҭ рахьынтә иҟоуп аинтрес зҵоу. Изызкқәоу ауаа башамашаӡам. Аха зегьы бзиоуп сызҳәом, иҟоуп асиужет ахьыбзиоу, аха излацәыргоу астиль ахьцыркьуа. Сара исҭахуп атемагьы, асиужетгьы, астильгьы ӷәӷәаны... Ҳаамҭазтәи ашәагазагақәа ирықәшәозароуп. Ус исцәагозеи ҳәа аӡәгьы акгьы имыҩӡеит, аха ҳрышьҭоуп зхатә ҷыдара змоу ", - ҳәа иҳәеит Занҭариа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.