Адырраҭара “Зхьышьҭра змырӡыз” аҳәаақәа ирҭагӡаны зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа еилаҳкаауеит. Урҭ рабацәеи рабдуцәеи знысыз амҩеи иахьа ирыԥсҭазаашьоуи атәы еиҭарҳәоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Џьанкаҭ Чқәа иҭаацәара 1993 шықәса рзы Аԥсныҟа нхара иааит. Усҟан иара 14 шықәса ракәын ихыҵуаз. Бзыԥҭа аҳабла аҩны рзалырхит аҳәынҭқарраҟынтә, уажәыгьы ара сыҟоуп иҳәеит иара. Иҭаацәа Ҭырқәтәылаҟа игьежьит, аха иара Аԥсны даангылеит. Ара абызшәа иҵеит, ашкол дҭалеит. Ажәеизатәи акласси иреиҳаӡоу аҵараиурҭеи Џьанкаҭ далгеит Ҭырқәтәыла, аха уи ашьҭахьгьы Аԥсныҟа дааит. Иахьа абаҩрҵәыра рҵаҩыс аус иуеит.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.