Урыстәыла

Шәачатәи Актәи аплиаж амшцәгьақәа рышьҭахь иаартуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik. Примортәи аԥшаҳәа иатәу аплиаж "Алашарбага" аартуп арыцқьарақәа рышьҭахь, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Аплиаж "Алашарбага" инаваргыланы иаартхоит Хоста араион иаҵанакуа аӡынтәи аплиажқәа, егьырҭ 24 рҭаара алыршахоит ԥхынҷкәын аҽеиҩшамҭазы.
Амшын еиқәа агаҿы ақәоура иаҟәыҵит, Шәача амш еилгеит, аҳауаԥхарра 17°C.
Амшын еиқәа агаҿы амшцәгьа ӷәӷәа ҟалеит абҵара 26-27 рзы, аиҳарак ааха ӷәӷәа роуит Ҟрыми Шәачеи, иара убас Аԥсны.