Еицырдыруа аҵарауаа академик, афольклорҭҵааҩ, алитератураҭҵааҩ Шоҭа Салаҟаиеи абызшәаҭҵааҩы Валентина Конџьариеи иижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "Абызшәеи афольклори акультурарацәатә дунеи аҿы" захьӡу мҩаԥысит Аҟәа. Уи иалахәын аԥышәа змоу аҵарауаа реиԥш, аҿарацәагьы.
Аконференциаҟны иқәгылаз аҵарауаа қәыԥшцәа дреиуоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Мадонна Ԥлиаԥҳа. Лара лажәахә иахьӡын "Амацәаз аҵакы аԥсуа нашанатә лакә асиужетқәа рҿы". Арадио Sputnik аефир аҟны лара инарҭбааны еиҭалҳәеит лажәахә аҟны иаалырԥшыз, ас еиԥш аконференциақәа хәарҭас ирылоу атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.