АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik. Украина ацхыраараз аԥара ари ашықәсаз инҵәар ҟалоит аконгресс уаҳа аԥара азоунамышьҭыр ҳәа аанацҳауеит Financial Times Аҩны шкәакәа административ-биуџьеттә усбарҭа аиҳабы Шаланд Ианг лышәҟәы шьаҭас иҟаҵаны.
"Америкатәи абџьари аибашьыга хархәагеи Украинаҟа рынашьҭра иаҟәыҵыр УАМ аибашьра адәаҿы алшарақәа мчыданатәуеит, Украина иагахьоу аиааирақәа ашәарҭара рҭаргылара адагьы Урыстәыла аиааирақәа еизнарҳауиет", - ҳәа Ианг лажәақәа еиҭанаҳәоит акьыԥхьымҭа.
Ианг ргәырҽанылҵеит аԥара азоурмыжьыр Америка уаҳа ишзалымшо Украинаҟа абџьари акәылӡтехникеи анашьҭра.
Bloomberg амаҵзура адыррақәа рыла, Украина аԥаразоужьраз асенат аҿы имҩаԥгахо абжьыҭара ԥхынҷкәын 11 рҟынӡа изалыршахом. Убри аан ԥхынҷкәын 15 рзы азинԥҵаҩцәа қьырсатәи аԥсшьарамшқәа рахь ицоит.