2023-2024 шықәсазы аԥсыӡкра ахықәкы хада акамшьиа 27 нызқь тонна рҟынӡа акра.
Ҷыҭанаа ицәажәараҿы иҳәеит, Ҭырқәтәыла аԥсыӡкра ишалагахьоу, акамшьиа шыҟоу, агәыӷрагь рымоуп сынтәа Аԥсны иахьаҵанакуагьы аԥсыӡ ҟалап ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала азин ыҟам аԥсыӡкраамҭаан аҿыцкыра, ирхьшәашәоу, ма иҵаарку аԥсыӡ аекспорт. Азин ыҟоуп урыстәылатәи аԥсыӡкратә наплакқәа рыԥсыӡ заҵәык аекспорт.