Арадио

Анқәаб "Татмедиа" аусзуҩцәа рԥышәа рымадаразы: ихымԥадатәиу азҵаарақәа ируакуп

Sputnik
“Татмедиа” ажурналистцәа аԥсуа коллегацәа рԥышәа рымырдеит. Аинформациатә маҵзура “Аԥсныпресс” аусзуҩцәа реиԥш ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа “Аԥснымедиа” иаҵанакуа зегьы алшара рыман ҭаҭарсҭантәи рколлегацәеи дареи мчыбжьык аусеицура. Ас еиԥш иҟоу аԥышәеимдара алҵшәақәа арадио Sputnik аефир аҟны ахәшьара риҭеит агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада Ахра Анқәаб.
"Ас еиԥш аԥышәеимдара аусура еиӷьнамтәуазар, ахаҭабзиара аҩаӡара ҳаранамкуазар, иԥырхагаӡам. Ииашаны, иҳаҩсыз амчыбжь азы "Татмедиа" ҩыџьа ахаҭарнакцәа "Аԥснымедиа" иаҵанакуа аҳәынҭқарратә информациатә редакциақәа рҟны рԥышәеимдара мҩаԥысуан. Аԥхьаҩцәа игәарҭахьазар акәхап ҳгазеҭ уаанӡа ишҭыҵуаз еиԥш акәымкәа, убри аԥышәеимдара иабзоурахаз иалҵшәаны ишышьақәыргылаз. Анаҩсгьы ԥшӡала шьаҿа-шьаҿала ҳәа аиӷьхара ашҟа ахы хоуп. Мчыбжьыктәи, хымԥада, аамҭа кьаҿын, ирҿуҵааша рацәаӡоуп, аха иҟалап иҵегьы аимадарақәа, аха ихадароу ихымԥадатәиу азҵаарақәа ируакуп аԥышәеимдара", - иҳәеит Анқәаб.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.