Аԥсни Урыстәылеи ртуристтә еилазаарақәа Аҟәа иалацәажәеит ареспубликаҿы атуризм аҿиара аԥеиԥш. Убасгьы иазааҭгылан 2023-шықәсазтәи атуристтә аамҭа амҩасшьа. Атуристтә усхк ахаҭарнакцәа азааҭгылеит аамҭа иаҳзаанаго аԥҟарақәа рыҽрықәыршәара шақәнагоу, азнеишьа ҿыцқәа шазгәаҭалатәу, уҳәа егьырҭ азҵаарақәа. Аԥсны атуризм аминистрра акурорт-туристтә индустриа азԥхьагәаҭареи аҿиареи ранализ аҟәша аспециалист хада Ҭарашь Хәытаба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит лкаақәас иҟаҵаз атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.