АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ашықәс ауҩы ҳәа ахьӡ зхырҵар алшо рсиа данылеит ҳәа аҩуеит америкатәи ажурнал Time.
Аматериал ишаҳәо ала зынӡа жәҩык афиналистцәа азгәаҭоуп. Арахь иаҵанакуеит Карл III, ашәаҳәаҩ Теилор Свифт, акьанџьа Барби.
Путин асиа данылеит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхьмырԥшыкәа.
Владимир Путин ашықәс ауаҩы ҳәа ахьӡ ихырҵахьан 2007 шықәсазы. Анаҩсгьы изныкымкәа еиҳа анырра зуа ауаа рсиақәа дрыланакхьан.