АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит палестина-израильтәи аиҿагылара агуманитартә рыцҳарахеит ҳәа.
"Акыр иуадаҩу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа раамҭаан, арегионалтә еимакқәа реибарххараан, аглобалтә политикеи аекономикеи рҟны акризис дуқәа анцәырҵуа аамҭазы ацҳаражәҳәарҭақәа шәырхагылоуп. Палестина-израильтәи аиҿагылара акәзар игуманитартә рыцҳарахеит", - ҳәа иҳәеит иара ацҳаражәҳәаҩцәа агәраргагатә шәҟәқәа рыҭара иазкыз аусмҩаԥгатә аҟны.
Жьҭаара 7, ашьыжь асектор Газа аганахь ала Израиль аракетақәа рыла иажәлеит, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит, 200-ҩык рҟынӡа ауаа тҟәаны иргеит аоперациа "Потоп Аль-Аксы" мҩаԥго. Уи аҭакс ЦАХАЛ аоперациа "Железные мечи" иалагеит. Израиль аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иҭахеит 1,2 нызқьҩык, еиуеиԥшым ахәрақәеи аахақәеи роуит 5 нызқьҩык. Арахь иаҵанакуеит аҭынч уааԥсыреи, асолдаҭцәеи, аҳәаанырцәтәылауааи аусуҩцәеи.