Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны ахаҵа дҭахеит ԥхынҷкәын 3 рзы, адырҩаҽны Очамчыра ақалақь аҟны даҽа мцакрак ҟалеит. Ахьҭақәа ҟалазар, ас еиԥш иҟоу ажәабжьқәа еиҳахеит. Ауааԥсыра аԥҟарақәа ирықәымныҟәоу, даҽа мзызқәак ыҟоу? Ҩнаҭацыԥхьаӡа агәаҭарақәа рымҩаԥгара уадаҩзар, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәеи, ашколқәеи, ахәыҷбаҳчақәеи, еиуеиԥшым аусбарҭақәеи ргәаҭара рнапы иануп АҶА аусзуҩцәа. Очамчыра араион аҟны уажәааны имҩаԥырго апрофилактикатә усурақәа ртәы дрылацәажәеит араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
"Аӡынра ахылаԥшра аҭахуп, арԥхагақәа аҿакны уцар ауам, избанзар ажәытә асовет аамҭазы идыргылаз аҩнқәа роуп. Ианаамҭоу иԥсахлатәуп (афымцамҩангага - азгә.), абри хәыҷык иуадаҩуп", - иҳәеит Ԥачлиа.
Иара иазгәеиҭеит ауаа рацәа ахьыҟоу ахыбрақәа, ашколқәа рҿы агәаҭарақәа шымҩаԥырго АҶА аусзуҩцәа, убасгьы амцакраан ахымҩаԥгашьа шаҭаху ашколхәыҷқәа ишыддырбо.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.