АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 – Sputnik. Урыстәылатәи аҳаирплан Ил-76 египеттәи ақалақь Ель-Ариш ахь ахы археит Газа ауааԥсыра рзы агуманитартә еидара аманы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аусбарҭа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Урыстәыла АҶА аҳаирплан Ил-76 египеттәи ақалақь Ель-Ариш ахь ахы археит", - ҳәа амаҵзура иазеиҭарҳәеит аусбарҭаҿы.
Урыстәыла АҶА Газа ауааԥсыра аҽа 27,5 тонна агуманитартә цхыраара рызнанагоит. Ацхыраараз инашьҭуп ахәыҷқәа рыфатә, аҽрыцқьараз ахархәагақәа, агәабанқәа, ахызақәа. Агуманитартә цхыраара аизгара еиҿкаауп Ареспублика Ингушетиа аиҳабыра раԥшьгарала.