АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аҟны 2024 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет актәи аԥхьарала ирыдыркылеит.
Ахашәалақәа рыла апроект инақәыршәаны аҳәынҭқарратә биуџьет 14,3 млрд мааҭ ыҟоуп, ахарџьқәа рыла – 15,7 млрд мааҭ. Адефицит – 1,4 млрд мааҭ. Иазԥхьагәаҭоуп аҳәынҭбиуџьет 2023 шықәса иаҿырԥшны 745,1 млн мааҭ рыла ахашәалақәа рышьҭыхра. Аизҳара шьаҭас иамоуп 1,1 млрд мааҭ инаӡаз ишәахтәуи ишәахтәыми алагалақәа.
Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахкы хадақәа:
аиҿкаарақәа рхашәалазы ашәахтә (14,2%),
ахашәалахәытә шәахтә (16,4%),
ахәԥсацҵаз ашәахтә (36,8%),
акцизқәа (3,9%),
аҳазатә баџьқәа (8,8%),
аҳазатә еизгақәа (4,9%), 2024 шықәсазы ишәахтәуи ишәахтәыми алагалақәа ишьақәдыргыло 85,0%.
Ареспубликатә биуџьет ахашәалахәы 10,9 млрд мааҭ, ахарџьқәа – 12,1 млрд мааҭ. Адефицит – 1,2 млрд мааҭ.
Аҳәынҭбиуџьет ахатә хашәалақәа реилазаараҿы ареспубликатә биуџьет иартәоит 62,7%, аҭыԥантәи абиуџьет аҿы – 37,3%. Ареспубликатә биуџьет аныхрақәа реилазаараҿы 66,9% ааннакылоит, аҭыԥантәи абиуџьетқәа реилазаараҿы – 33,1%.
Ареспубликатә биуџьет ахашәалақәа реилазаараҿы иазԥхьагәаҭоуп 5,7 млрд мааҭ ишәахтәыми ишәахтәуи алагалақәа. Ишәахтәу алагалақәа - 3,8 млрд мааҭ, ишәахтәым алагалақәа - 1,9 млрд мааҭ.
Урыстәыла иҟанаҵо афинанстә цхыраара:
3,9 млрд мааҭ асоциал-економикатә ҿиаразы,
1,093 млрд мааҭ Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны,
162 млн мааҭ 2022-2025 шықәсазтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма аекономика аусхк адгылара аԥаразоужьра.
2024 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп ахатә хашәалақәа 906 млн мааҭ рыла ашьҭыхра 2023 шықәсазтәи аплан иаҿырԥшны.