АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Авеипқәа ҳәа изышьҭоу аелектронтә сигаретқәа Аԥсныҟа раагара, реикәыршара, рӡыргара азин ҟамлар ҟалоит.
Апарламент иаднакылеит аникотин злоу аалыҵ аикәыршара аҭышәныртәаларазы азакәан апроект актәи аԥхьарала. Иара аус адулоуп ареспублика ауааԥсыра ргәабзиареи рыԥсҭазаареи рыхьчаразы, аиҳаракгьы зықәра намӡац рзы.
Аилыркаагатә шәҟәы инақәыршәаны аҭҵаарақәа иаадырԥшит аелектронтә сигаретқәа (авеипқәа) рхархәара арыԥҳа ишазеицәо, абронхит шцәырнаго, аинфаркти, аинсульти, акьыбачымазареи дырҵысыр шауа, аԥҳәыс лыхшараиуратә система ишаныруа, аникотин ушанаршьцыло.
Аҳазалхратә еилакы адыррақәа рыла, 2020 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны 2023 шықәса лаҵара 2 рҟынӡа ареспубликахь иаларгалеит 71 000 аникотин злоу аалыҵ.