АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Атәылауаҩратә ҭагылазаашьазы актқәа" аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала аԥсахрақәа аланагалеит.
Аԥсахрақәа инарықәыршәаны, азакәан VIII ахы аредакциа ҿыц ала еиҿкаахоит: "Аԥсуа милаҭреи аԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылара аҳәынҭқарратә ҭаҩраз" ҳәа.
Ари азакәанԥҵараҿ иҟаз агха ханарҭәаауеит, заԥсуа милаҭреи заԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылара зҭахыз аԥкрақәа рыхнахуеит.
Урҭ рахь иаҵанакуеит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо, иаԥсуыуаау (иабазоу), XIX–XX ашәышықәсақәа раантәи аҭоурыхтә хҭысқәа ирхырҟьаны змилаҭра зцәыӡыз, атәылауаҩра змам ахаҿқәа.
"Иара убасгьы азакәан апроект иалагалахоит ахарҭәаара. Уи инақәыршәаны раԥсуа жәлақәа реиҭашьақәыргылара азин рымоуп аҳәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи", - ҳәа аҳәоит аилыркаага шәҟәы.
Абри аус азы ишьақәыргылоуп аҭаҩратә баџь – иреиҵаӡоу аџьахә ахышәаҵышәаҟынтә 50% (30 мааҭ).