Аԥхьахә "Аԥхьагылаҩ қәыԥш" Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаҵанакуа аминистррақәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәа иранашьахоит ԥхынҷкәын 25 рзы. Абри атәы аанацҳаит Аспорт азы аҳәынҭеилакы апресс-маҵзура. Азыҳәақәа рынашьҭра актәи ахәҭа хыркәшоуп. Аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа зықәра 30 шықәса еиҳам хҩы-хҩы аусзуҩцәа алыркааит. Ахәшьараҟаҵаратә комиссиа урҭ рҟынтәи аӡәаӡәа алыркаауеит. Зыла ишьақәгылада акомиссиа, ишԥалыркаауеи аԥхьахә занашьахо, насгьы ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ҵакыс ирымоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оӷлы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.