Аԥсны

Кара-Осман-оӷлы аԥхьагылаҩцәа қәыԥшцәа рзы: реихьӡарақәа аҵак ду рымоуп

Sputnik
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаҵанакуа аминистррақәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәа рзы еиҿкаау аицлабра "Аԥхьагылаҩ қәыԥш" иалахәу, уи шымҩаԥгахо, алԥшааратә комиссиа аусушьа шԥаҟоу уҳәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсни Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оӷлы. Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.