АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аформат аиқәырхара аинтерес шрымоу азгәарҭеит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы адиалог амҩаԥгаразы. Абри атәы аҳәоит Урыстәыла АдәАР асаит.
Урыстәылатәи аган инаҵшьны иазгәанаҭеит Қарҭи Аҟәеи, Қарҭи Цхинвали реинырра ишацҵалатәу. Ихықәкы хаданы ишьоуп Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеирганахьала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра адкылара алзыршо ашәҟәы аус адулара, иара убасгьы аԥсны-қырҭтәылатәии аахыҵуаԥстәыла-қырҭтәылатәии аҳәаақәа рҿы аделимитациа апроцесс аусура аларгара.
"Аҟәеи Цхинвали ршәарҭадара ԥхьаҟатәи арӷәӷәара хымԥада иахьаҭаху зыдҳәалоу арегион аҿы НАТО амчрақәа активла рхымҩаԥгашьеи Қырҭтәыла алианс бџьарла иахьеибынаҭои ауп", - ҳәа аҳәоит Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа адырраҿы.
Алахәылацәа ргәаанагарала, аҳәаа иаԥну араионқәа рҿы, хҭысқәак азгәоумҭозар, иааидкыланы иҭышәынтәалоуп. Убри аан иазгәаҭан иаарласны аусура ишаларгатәу Гал ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм аусура.
"Женева агуманитартә зҵаарақәа рзы аинырра иаԥырхагоу мзызны иҟоуп есышықәса Қырҭтәыла иаланагало атәыла аҩнуҵҟа еиҭаҵуа ахаҿқәеи ахҵәацәеи рзы ЕАР Ассамблеиа хада арезолиуциа. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхаҭарнакцәа рзы Ниу-Иорктәи аиҿцәажәарҭақәа рахь амҩақәа зегь анарку аамҭазы, уи инадҳәаланы дара иҟоу аҭагылазаашьа разнеишьа ианзаламцәажәо, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганқәа аҽазныкгьы ишьҭырхуеит хра аманы аицәажәара алзмыршо адискриминациатә знеишьа иаҟәыҵзарц азы", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Аиҿцәажәарақәа реихшьаалала иазгәаҭоуп 2024 шықәса мшаԥымзазы изаамҭанытәиу араунди уи иашьҭанеиуа егьырҭ абри аформат иаҵанакуа аиԥыларақәеи шымҩаԥгахо.