Аҳәсеи аӡӷабцәеи рганахьала амч ахархәара аҿагыларазы 16-мыштәи акциа мҩаԥысуеит адунеи аҿы еиԥш ҳтәылаҿгьы. Жәларбжьаратәи акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿыркаауеит еиуеиԥшм аусмҩаԥгатәқәа, аҟазаратә классқәа инадыркны аҭҵааратә усурақәа рҟынӡа. Иабанӡамоу ари азҵаара актуалра ҳтәылаҿы? Ҳҵасқәеи, ҳқьабзқәеи, ари апроблемеи реиҿагылара зеиԥшроу? Ҳауаажәлар рыҩныҵаҟа ари азҵаара ишазнеиуа, уи аӡбаразы амҩақәас иалхтәу дрылацәажәоит Агәыҳалалратә фонд “Аҿиаразы аҳәса рфонд” аиҳабы Лана Ҷкадуаԥҳа.
"Сынтәа ҳхы иаҳархәоит ахештег "Шәыбжьы шәырга!" ҳәа, избанзар ари апроблема анаҳбо, ҿаҳҭӡом. Иаҳҭахуп, ҳауаажәлар рыбжьы ақәдыргарц", - лҳәеит Ҷкадуаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.