Урыстәыла ахада иалхрақәа

Урыстәыла АКХ ахада иалхразы абжьыҭарақәа хымш ишымҩаԥысуа шьақәнарӷәӷәеит

Урыстәыла ахада иалхра мҩаԥысраны иҟоуп 2024 шықәса хәажәкыра 17 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Урыстәыла ахада иалхра мҩаԥысраны иҟоуп 2024 шықәса хәажәкыра 15-17 рзы, абри азы ақәҵара рыдыркылеит Урыстәыла Алхратә комиссиа хада алахәылацәа.
Аԥшьашаҽны Афедерациатә хеилак иаднакылеит ақәҵара – 2024 шықәса хәажәкыра 17 рзы алхрақәа мҩаԥгазарц.
"Ақәҵара апроект иазыԥхьагәанаҭоит ахада иалхаразы абжьыҭарақәа хәажәкыра 15, 16, 17 рзы имҩаԥгазарц", - лҳәеит УА АКХ ахантәаҩы Елла Памфилова.
Абжьыҭаразы аҭыԥқәа ахьыҟам ма атранспорттә еимадараз ауадаҩрақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы инхо атәылауаа абжьыҭара мҩаԥыргар ҟалоит аформацҵала, хәажәкыра 15-16 рзы.
Ари аҩыза аформа азин ыҟоуп Урыстәыла арегионқәа быжьба рҿы: ДЖәР, ЛЖәР, Курск, Брианск, Херсон, Запорожие, Белгород аобластқәа рҿы.