Урыстәыла

Апатриарх Кирилл амедиагәыԥ "Россия сегодня" 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Sputnik
МОСКВА, ԥхынҷкәын 9- РИА Новости. Москватәии Урыстәылазегьтәии Апатриарх Кирилл амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәа амаҵзура жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит, "Ҳазшаз имчала, ҳтәылеи ҳажәлари ирыхәо шәахьаҿу амчи агәазыҳәареи шәзеиӷьасшьоит" иҳәеит.
Апатриарх иазгәеиҭеит аредакциаҿы ишыҟоу "Адини адунеихәаԥшышьеи" аҟәша, араҟа ааԥсарада ажурналистцәа азхьаԥшуеит "Урыстәыла Аиашахаҵаратә уахәама аҭоурых, иахьатәи аамҭазы аусушьа".
Иара убасгы аԥхьаҟа русеицура иацҵахап ҳәа дышгәыӷәуа азгәеиҭеит.
Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" еиднакылоит урысшәала аус зуа аинформациатә ресурсқәа: РИА Новости, арадио Sputnik, ПРАЙМ, ИноСМИ, Baltnews, Украина.ру, Социальный навигатор, КОТ и Arctic.ru. Аҳәаанырцә амедиагәыԥ рдыруеит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik ала.
Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи, фарси абызшәақәа рыла. Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" адаҟьақәа рҟны аԥхьаҩ идгалоуп еиҳа аинтерес зҵоу ауаажәларратә гәаанагарақәа, аналитикцәеи аекспертцәеи рыҿцәажәарақәа.