Урыстәыла

Володин амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиубилеи рыдиныҳәалеит

Sputnik
МОСКВА, ԥхынҷкәын 9 – РИА Новости. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи, уи анапхгаҩы Дмитри Кисилиови амаҵзура жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
""Россия сегодня" ҳтәылеи уи анҭыҵи имҩаԥсыуа ахҭысқәа ишиашоу иаадырԥшуеит. Ажәабжьтә журналистика иамоу иреиӷьӡоу аԥҟарақәа ирықәныҟәоит, аформат ҿыцқәеи ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи рхы иадырхоит, АИХ-қәа рыҿиараҿы рлагала рацәоуп"- иҳәеит Володин.
Володин амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәа аманшәалара рзеиӷьеишьеит.
Урыстәыла
Матвиенко амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиубилеи рыдырныҳәалеит
Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" еиднакылоит урысшәала аус зуа аинформациатә ресурсқәа: РИА Новости, арадио Sputnik, ПРАЙМ, ИноСМИ, Baltnews, Украина.ру, Социальный навигатор, КОТ и Arctic.ru. Аҳәаанырцә амедиагәыԥ рдыруеит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik ала.
Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи, фарси абызшәақәа рыла. Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" адаҟьақәа рҟны аԥхьаҩ идгалоуп еиҳа аинтерес зҵоу ауаажәларратә гәаанагарақәа, аналитикцәеи аекспертцәеи рыҿцәажәарақәа.