Амодельер-адизаинер Мрамза Марыхәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан актуалра зцу азнеишьақәа ртәы, аҽеилаҳәараҟны уажәазы изыцклаԥштәу, аԥыжәара зҭатәу, аамҭа иагаз ҳәа иҳаԥхьаӡоз амода шеиҭахынҳәуа.
"Ашықәс ицо азы, иаҳҳәап, ацәа иалху хыхьтәи амаҭәа ыҟазҭгьы, иахьазы иаҳа итатоу ацәа-азамша, адублионка ашҟа ахы архоит, уи ҳадыргалоит. Аԥхын акәзар, уа иаҳа илахҿыху, еиуеиԥшым аԥштәқәа змоу амаҭәа, ашәҭ дуқәа, апринтқәа еиҳа еилаӷрааны излоу ашәҵатәы азгәаҭоуп. Еиуеиԥшым астильқәа маҭәак аҟны еицыҟарҵоит. Иаҳҳәап, аспорт маҭәа, аклассика еидырҳәалоит. Аԥҳәыс лӡара, леиҿартәышьа заарԥшхаӡом, иаҳа иҭбаау амаҭәа аԥыжәара агоит, ус иҟан, макьанагьы ус иаанхоит иҭбаау амаҭәақәа еиуеиԥшым абақәа рыла иӡаху. Аԥҳәыс лыԥшӡара, лқьиара, лыԥшқара аҵәахуеит уи. Аимаа акәзар, ашьхәа аҵам, аиқәагьы ҭбаауп, ацкы лшәылҵартә еиԥш аҭагылазаашьа лымамшәа иҟалоит. Аԥҳәыс лыццакра, аԥсҭазаара адинамика ахаҵа иҟазшьа ҳамгар ҟамлошәа иҟалеит", - лҳәеит Марыхәба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.