Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны акриптовалиута арҳаразы амаругақәа ԥшьба рымырхит

Аԥсны имҩаԥыргоит аенергосистема аԥхасҭа азҭо, закәаншьаҭада акриптовалиута арҳаразы аусурақәа рҿагылара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны акриптовалиута арҳаразы амаругақәа ԥшьба рымырхит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.

Амаругақәа автомашьынаҿ иҵәахын. Амашьына аԥсҟы Аԥсны атәылауаҩ икын. Административтә зинеилагаразы аматериалқәа зегьы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.

Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2020 шықәсазы. Уи ашьҭахь акырынтә аҿҳәара инахахьан. Уажәы 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа аҿҳәара шьақәыргылоуп.
2020 шықәса раахыс ауааԥсыра ирылгоуп 6 000 аппарат инареиҳаны, убри аан Аԥсны Аҳазалхратә еилакы адыррала 2016 - 2020 шықәса цәыббрамзанӡа атәыла иалагалоуп 66 000 "машьынка" инареиҳаны, 2020 шықәса раахыс акәзар - 27 нызқь цыра инареиҳаны ареспублика иалгоуп.