Аԥсны

Аԥсны АҶА мцуп ҳәа ахнаҳәааит аҽыҵәахырҭақәа ринтвентаризациазы игәараҵоу ажәабжь

Аҽыҵәахырҭақәа иаарласны ринвентаризациазы ажәабжь Аԥсны ауааԥсыра рҭелқәа рахь инеиуа иалагеит Аԥсны АҶА Аусбарҭа хада акәушәа иаазыцҳауа ахархәаҩ иҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Sputnik адырра арҭеит аҽыҵәахырҭақәа ринтвентаризациазы игәараҵоу ажәабжь мцуп ҳәа.
"Аԥсны АҶА ауааԥсыра адырра рынаҭоит атәылахьчаратә ҵакы змоу аҽыхьчарҭақәа ринвентаризациа мҩаԥгатәуп, уи азы ауааԥсыра рхатәы хыбрақәа рымырхәҳауеит ҳәа аинтернет аҟны игәараҵоу ажәабжь шиашам, уи аҩыза аус шымҩаԥырымго", - ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит атәылахьчаратә усбарҭаҿы.
Уаанӡа "Аԥсны АҶА Аусбарҭа хада" ҳәа аник змоу адаҟьаҟынтәи ареспублика атәылауаа рахь ажәабжь неиуа иалагеит аҽыҵәахырҭақәа иаарласны ринвентаризациа шымҩаԥырго, ауааԥсыра изҭаху рхатәы хыбрақәа қьырала ирырҭар, ма иддырхәҳар рылшоит ҳәа.