Аԥсны

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит акамшьиа акразы ахәԥса

Аминистрцәа реилазаара ԥхынҷкәын 1 азы имҩаԥысыз аилатәараан ирыдыркылеит 2023-2024 шш. рзы ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭаз аӡтәы биоресурсқәа рхархәаразы ахәԥсазы ақәҵара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара акамшьиа акразы ҩ-нызқь мааҭ ҳәа ахәԥса шьақәнарӷәӷәеит, абри атәы аанацҳауеит амаҵзура "Аԥсныпресс", Ақыҭанхамҩа аминистрра адыррақәа шьаҭас иганы.
Аӡтәы биоресурсқәа рхархәаразы ахәԥсазы ақәҵара апроект иахәаԥшит ахәаша, ԥхынҷкәын 1 азы. Усҟан акамшьиа акразы ахәԥса шьақәыргылаӡамызт.
Адокумент инақәыршәаны, 2023-2024 шш. рзы ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭаз тоннак азы ахәԥса иартәеит:
агәыҵаԥшь - 20 000 мааҭ;
аҷарқал - 9 520 мааҭ;
аԥсардаҳан - 1 050 мааҭ;
аҵыхәшәыгә - 16 000 мааҭ;
ашәиаҟ - 80 000 мааҭ;
егьырҭ (аидыԥсала, амшынла, аҵиаалақәа (амшын бгахәыҷы, амшын цгәы), аганвых, аскарпена, адаӷьԥсыӡ, алуфар, агәырԥсыӡ, асмарида, аԥсардаҳан, аҭкәицар, аԥслымӡԥсыӡ, амыдаӷь) - 20 000 мааҭ.
Еиҳа иааглыхратәу ҳәа иԥхьаӡоу акамшьиа сынтәатәи аԥсыӡкраамҭазы ибжьаратәны иааиуеит ҳәа иԥхьаӡоуп, 27 нызқь тонна рҟынӡа акразы азин ыҟоуп.