Гәыԥтәи абжьаратә ашкол арҵаҩы Сабина Қапԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ақыҭан анхара шеиҿкаау, иҟоу ауадаҩрақәа, иара убасгьы ирымоу аихьӡарақәа. Сабина асоциалтә даҟьаҿы иӡырылгоит лқыҭа гәакьа аҭоурых, уи иадҳәалоу ажәабжьқәа, арадиоефир аҿы дазааҭгылеит ус еиԥш аҭахны изылыԥхьаӡо.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.