Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Шамԥҳа аҿар рышьақәгылараҟны аԥсуа литература алшара иазкны

Sputnik
"Ақәыԥш ишьақәгылараҿы аԥсуа литература алшарақәа" атемала Апедагогикатә институт аҿы имҩаԥган аҭҵаарадырратә конференциа. Ахшыҩзышьҭра зҭахны иҟоу азҵаатәқәа арбану, иабанӡаалшо ҳлитература амилаҭтә доуҳа аиқәырхара, аамҭа иақәҿызҭуа аҩымҭақәа рыла ҳахьынӡабеиоу, аԥсуа литература аҿар рызнагараҟны знеишьақәас иаҭаху уҳәа азҵаарақәа жәпакы дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Апедагогикатә институт аԥсуа литература аҟәша аусзуҩы, аконференциаҟны ажәахә хада ҟазҵаз Аза Шамԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.