Урыстәыла ахада иалхрақәа

Урыстәыла АКХ арегион ҿыцқәа рҿы атәыла ахада иалхра мҩаԥгазарц аӡбара аднакылеит

2022 шықәәса цәыббра 30 азы Владимир Путини Донецки Лугански жәлар рреспубликақәеи, Запорожиеи Херсони робластқәеи рхадацәеи арегионқәа Урыстәыла ралаларазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Урыстәыла Алхратә комиссиа хада арегион ҿыцқәа рҿы атәыла ахада иалхра мҩаԥгазарц аӡбара аднакылеит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәеи, Запорожиеи Херсони робластқәеи рҿы.

Арратә ҭагылазаашьа ахьалагалоу арегионқәа рҿы алхрақәа рымҩаԥгаразы акомиссиеи Атәылахьчара аминистрреи, Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи, Донецки Лугански жәлар рреспубликақәеи, Запорожиеи Херсони робластқәеи рхадацәеи аконсультациақәа еицымҩаԥыргеит.

АКХ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Николаи Булаев иажәақәа рыла, АКХ азыхиоуп абжьыҭира аиԥырҟьараз аҽазышәарақәа рҿагылара.
Афедерациатә хеилак Урыстәыла ахада иалхра арыцхә ҳәа ишьақәнаргылеит 2024 шықәса хәажәкыра 17. Урыстәыла АКХ ахада иалхразы абжьыҭарақәа хымш ишымҩаԥысуа шьақәнарӷәӷәеит. Урыстәыла ахада Владимир Путин арратә операциа ҷыда алахәыла, ДЖәР Афырхаҵа Артиом Жоге изеиҭеиҳәеит Урыстәыла ахада иалхрақәа рҟны икандидатура ақәыргылара игәы ишҭо.
Аԥсны
Бжьаниа иҳәеит Путин Урыстәыла ахада иалхрақәа рылахәхаразы иӡбамҭа адгылара шаиҭо