Аԥсны

Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи изакәанымкәа асигареҭ алагалара аԥдырҟәҟәааит

Аҳазалхратә закәанԥҵара инақәыршәаны, зықәра наӡахьоу ахазхаҿқәа азин рымоуп ҭоԥк (10 сигареҭҭра) асигареҭқәа ма 250 грамм аҭаҭын еиҳамкәа аҳазалхратә баџьқәа мшәакәа аҳәаа ахыгара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи изакәанымкәа 63 нызқь цыра асигареҭ алагалара аԥдырҟәҟәааит. Абри атәы аанацҳауеит Шәача ақалақь иатәу Краснодартәи аҳазалхра апресс-маҵзура.
Аконтрабандатә аалыҵ рбеит ԥшь-машьынак ирҭаны. 673 цыра Business Royals захьӡу сигареҭҭрақәа ҵәахын ҷыдала амаӡа ҭыԥ ахьыҟаҵаз амашьына Chery абампер аҿи ашьапықәыргыларҭаҿи, даҽа 300 сигареҭҭра Instark-и Slim Blue-и - амашьына ВАЗ-2106 уаанӡа абылтәыҭаҭәарҭа ахьыҟаз.
Иара убас 1150 Business Royals захьӡу асигареҭҭрақәа рбеит "Шевроле Нива" автомашьына ашьапықәыргыларҭақәеи ашьҭахьтәи атәарҭақәа рыҩнуҵҟеи, "Пежо Партнер" аҿы акәзар - арԥхаратә маругақәа ахьықәгылоу аҩнуҵҟа. Уа иԥшаан 1052 Business Royals захьӡу асигареҭҭрақәа.
"Ԥшь-машьынак рҟны аҭыԥ маӡақәа ирҭаҵаны имҩаныргоз асигареҭҭрақәа рхыԥхьаӡара 3175 цыра ыҟоуп. Еиду Арабтә Емиратқәа рҟны иҟаҵоу аҭаҭын аалыҵ урыстәылатәи акцизтә маркақәеи иҷыдоу адыргақәеи рықәыргыламкәа ииаргон", - иҳәеит аҳазалхратә ҭыԥ аиҳабы Алексеи Быков.
Аконтрабандатә ҭаҭын аалыҵи автомобилқәеи рымхуп, административтә зинеилагарақәа рзы ашьаусқәа хацыркуп.