Арадио

Ҳагба: Путин имҩаԥиго аполитика ҳара ҳхы иаҳзархәар, даара ҳманшәалахоит

Sputnik
Владимир Путин иааиуа ашықәс хәажәкырамза 17 рзы Урыстәыла ахада иалхрақәа раан икандидатура ықәиргылоит. Путин имҩаԥиго аполитикеи, аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рԥеиԥши, иара убас Урыстәыла ахада алхрақәа иҽрылархәра ҵакыс иамоу ртәы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба.
Путин макьана илшонаҵы, дызқәу амҩа нижьир, ишәарҭахар ҟалаҵәҟьоит Урыстәыла, сара стәала, дахьықәгылаз, даара ииашоуп ҳәа сгәы иаанагоит, иҳәеит Ҳагба.
"Урыстәыла анырра ҟанаҵоит адунеи ахьынӡанаӡааӡо. Ельцин ихаан Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақә рнаҩс ,Путин данааи иҟаиҵаз аԥсахрақәа рзы мацара, аԥсуаа ргәаҿы ҳаҭырқәҵарала акәымзар, ҽакала изнеишьа азин ҳамаӡам", - иҳәеит Ҳагба.
Кьасоу Ҳагба иҷыдоу арратә операциа атәы дазааҭгыло игәалаиршәеит Аԥсны хаҭарнакыс Украина аус аниуаз аамҭа. Усҟан Аԥсны еибашьуаз УНА-УНСО реиҳабеи иареи реиԥылара атәы еиҭеиҳәеит.
"Дара акыр ҳаицәажәеит. Аҵыхәтәан сиазҵааит ишәзаҳаухьои аԥсуаа цәгьарас абас шәҳаибашьыртә еиԥш ҳәа, шәара шәакәӡам ҳзеибашьуа, аурысцәа роуп, ҳара аурысқәа мгәарҭа иҟоу ҳшьлоит, мгәарҭа иҟалаанӡагьы иаҳшьлоит рыԥсы ахьынӡаҭоу ҳәа ақәыџьма еиԥш сеиҳәеит, убас аурысқәа рцәымӷуп. Убрантә ауп иахьынтәиаауа зегьы, убри ацәымӷра абџьар анаиу, уи амчра анаиу, Урыстәыла мацара азы акәым, адунеи зегьы азы ишәарҭоуп ҳәа саргьы исыԥхьаӡоит. Убри аҟнытә иахьатәи абжьыҭара иадгылатәуп, иагьаҭатәуп", - иҳәеит Ҳагба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.