Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳашыгԥҳа Аҟәа Ашықәс ҿыц шазгәаҭахо иазкны

Sputnik
Аҟәа ақалақь ахадара акультуратә усбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит сынтәа аҳҭнықалақь аҿы Ашықәс ҿыц шазгәаҭахо, аԥсаӡ хада шырхиахо, насгьы аныҳәатә гәалаҟазаара шаԥҵахо.
Аԥсаӡ даара иԥшӡахоит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳашыгԥҳа, избанзар сынтәа Аҟәа иазгәанаҭон аныҳәа хада Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра, Ашықәс ҿыц ари аиубилеитә шықәса иакульминациахоит ҳәа наҵылшьит лара.
Аԥсаӡ хада аҿы аларбагақәа аркхоит ԥхынҷкәын 22 рзы, еиҿкаахоит аныҳәатә программа ду.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.