Аԥсны

Виктор Маланӡиа ихьӡ зху астипендиа аԥҵахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы

Виктор Маланӡиа – абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ аректор актәи ихаҭыԥуаҩ, иԥсҭазаара далҵит ҵыԥх жьҭаарамзазы. Сынтәа ихыҵуазаарын 65 шықәса.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ аректор актәи ихаҭыԥуаҩс иҟаз Виктор Маланӡиа ихьӡ зху астепендиа аԥҵахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы ҳәа аанацҳауеит ААУ апресс-маҵзура.
Ауниверситет аҿы аҵарауаҩ ихьӡ анаӡаӡатәра хықәкыс иҟаҵаны ихьӡ ахырҵоит абиолого-географиатә факультет амузеи, иара убасгьы аԥстәқәа рморфологиеи аекологиеи ркафедраҿы иазԥхьагәаҭоуп иусумҭақәа еидкыланы рҭыжьра. Ԥхынҷкәын 26 рзы имҩаԥгахоит итрадициатәхо аҭҵаарадырра-практикатә конференциа – Маланӡиатәи аԥхьарақәа.
Арадио
Гәбаз Виктор Маланӡиа изы: иџьабаа зду Аԥсны Ашәҟәы ҟаԥшь ила иахьамбаз ҳгәы иалоуп
Виктор Маланӡиа - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аус иуан 1989 шықәса раахыс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор актәи ихаҭыԥуаҩс дҟаҵан 2002 шықәсазы. Абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ауаҩи аԥстәқәеи рекологиатә шәарҭадараз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә Академиа алахәыла-корреспондент, Циолковски ихьӡ зху Урыстәылатәи акосмонавтика Академиа алахәыла-корреспондент, Урыстәыла аҭҵаарадырратә академиаҟны иаԥҵоу аԥсаатәҭҵааҩцәа рхеилак алахәыла, Урыстәыла аԥсаатәқәа рыхьчаразы Ахеилак алахәыла. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аус иуан 1989 шықәса раахыс.
Маланӡиа иԥсҭазаара далҵит 2022 шықәса жьҭаарамзазы. 2023 шықәса ԥхынҷкәынмза 10 рзы 65 шықәса ихыҵуазаарын.