АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Краснодартәи аҳаирбаӷәаза ԥхынҷкәын 15 инаркны, аԥышәаратә реисқәа рышьҭахь аусура еиҭалагар алшоит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа 11 рахь аԥырразы аԥкрақәа алагалоуп 2022 шықәса жәабран 24 раахыс.
Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуан Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.