Очамчыра ақыҭақәа рҿы астадион маҷқәа рыргылара иаҿуп. Ус еиԥш ааигәа иаартын Ԥақәашь ақыҭан. Иаарласны Ҭхьына иаиуеит ахатә стадионгьы.
"Даара ус дууп ари. Гәахәарыла ҳазыҟоуп ақыҭа иқәынхо зегьы. Араион ахада даара аџьабаа адибалеит. Мызкы иалагӡаны идыргылеит. Ақыҭа зегьы, агәаҳәара змоу уаҟа ихәмарырц рылшоит. Ҳаԥхьаҟа ҳабла-ҳаблала ашьапылампыл азы ахәмаррақәа еиҿаҳкаарц ҳҭахуп", - иҳәеит Кәыркәынаа.
Ҭхьына ақыҭан ахада иазгәеиҭеит ахәыҷқәа аспорт иазхьаԥшыртә еиԥш алшара еиҳагьы ишроуз. Кәыркәынаа иажәақәа рыла, аҭыԥантәи ашкол аҟны аспортзал ыҟоуп, уаҟа адзиудо азы асекциа аартуп, азыҟаҵаҩ даауеит.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.