Џьумка Шьоууа 56 шықәса иԥсҭазаара аҵара асистема иазикит, ирҵаҩы ибзоураны уи азанааҭ ахь агәыбылра изцәырҵит. Абжьаратә ашкол даналга ақыҭанхамҩа аҵарахьы ддықәырҵеит иҭаацәа рацәак ишыиҭахымыз. Уи дшаалгазҵәҟьа Аҟәа абиологиа аганахьала аҵара дҭалеит. Абиологиеи ахимиеи рырҵаҩыс аус иуан зны Гәыԥ ақыҭан, нас Акәаскьаҟа дыиасит, уаантә Маркәылаҟа аҵара аҟәша аиҳабыс.
"Узанааҭ бзиа иубозар, уи акыршықәса иазукуеит. Арҵаҩы ахәыҷқәа бзиа ибозароуп. Уи ангәарҭа даргьы бзиоу урбоит. Тәанчара санца ауп иангәасҭа ахәыҷқәа шыԥхыӡ ишалоу", - иҳәеит Шьоуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.