Арадио

Мархолиаԥҳа "Ашанаҵла" акциазы: ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа угәаҵанӡа инаӡоит

Sputnik
Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" ҩаԥхьа ихацдыркит акциа "Ашанаҵла". Ирацәоума Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи рыхьӡала инашьҭу асалам шәҟәқәа, ишԥамҩаԥыслои акциа, иззыҳәозеи ахәыҷқәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Амассатә информациатә хархәагақәа рымадараз аменеџьер Асида Мархолиаԥҳа.
Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" ракциа "Ашанаҵла" 350-ҩык ахәыҷқәа ашықәсҿыцазтәи ргәаҳәара нанагӡоит. Ахәыҷқәа ргәаҳәарақәа зну ашәҟәқәа аԥҟасахьақәа рыҭаны акультура-усутә ҭыԥ Гәыма игылоу аԥсаӡ аҿы ихыршьит.
"Ахәыҷқәа шеиԥшым еиԥш дара рысаламшәҟәқәагьы еиԥшым, дарбанзаалак имоуп ихатәы гәазыҳәара. "Ашана" аҟынтә иҟоуп 70 саламшәҟәы. Дара уаҟа иазгәарҭон дара рзы ихадоу аҳамҭа – ргәабзиара ҳара ишраҳҭахьоу. "Кьараз" ахәыҷқәа еиҳарак амаҭәа иаҳәоит. Уи даара угәы арԥшаауеит, угәаҵанӡа инаӡоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Мархолиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.