Урыстәыла

Путин Украина аҭынчра аныҟало атәы далацәажәеит

"Ашықәс аихшьаалақәа" рымҩаԥгараан Урыстәыла ахада 2023 шықәсазы атәыла амчрақәа русура далацәажәараны дыҟоуп, атәылауаа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Украина аҭынчра ҟалоит Урыстәыла аоперациа ҷыдаҿ ахықәкқәа анынанагӡалак ҳәа иҳәеит Владимир Путин, ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵо.

"Украина аҭынчра ҟалоит Урыстәыла аоперациа ҷыдаҿ ахықәкқәа анынанагӡалак. Ахықәкқәа рҽырыԥсахуам. Ишыҟац иҟоуп - аденацификациа, адемилитаризациа, анеитралтә статус", - иҳәеит иара.

Ахада иазгәеиҭеит Украина аконтржәылара егьшалымшаз, Киев ишацәыӡыз абри аамҭазы 747 танк, 2,3 нызқь кәылӡмашьына. Убри аан иҳәеит имҩаԥысуа зегьы трагедиа дууп ҳәа.
"Аурысқәеи украинааи жәларык роуп. Иахьа имҩаԥысуа рыцҳара дууп, аишьцәа рыбжьара аграждантә еибашьра иеиԥшуп", - иҳәеит иара.
Владимир Путин иазгәеиҭеит аоперациа ҷыда азонаҿы ишыҟоу 617 нызқьҩык урыстәылатәи аибашьцәа, аинырратә цәаҳәа 2 000 километра рҟынӡа ишынаӡо.