АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Урыстәыла аекономика алшарақәа амоуп иахьазы ахы ацәымшәара адагьы уаҵәазы ԥхьыҟа ацаразгьы иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин ашықәс аихшьаалақәа рызтәи апресс-конференциаҟны.
Иара иажәақәа рыла, ари ақәҿиара шьаҭас иамоуп еиуеиԥшым афакторқәа - урыстәылатәи ауаажәларра рҽеидкылара, атәыла афинанс-економикатә система ашьақәтәара, алшарақәа реизҳара.
Ахада иҳәеит аинфлиациа 7,5% ишышьҭыҵызгьы, ашықәс аихшьаалақәа рыла иазыԥшуп аекономика 3,5% ишьҭыҵып ҳәа. Урыстәыла адәныҟатә уал 46 миллиард доллар рҟынтәи 32 миллиард рҟынӡа илаҟәит, аусурҭадара акәзар - 2,9% рҟны иҟоуп. Еизҳауеит ааглыхра арбагақәа, аусадуларатә ааглыхра арбагақәагьы налаҵаны.
Путин иҳәеит ауалафахәы 8% рҟынӡа ишышьҭыҵуа, ауааԥсыра рхашәала – 5% рыла. Ажьырныҳәа 1 инаркны ишьҭыххоит 18% рыла МРОТ.