АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аурыси аԥсуеи ажәаҳәа иазку Жәларбжьаратәи II аицлабраҿы аиааира згази афинал ахь инеизи аҳамҭақәа рырҭеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы ахәаша, ԥхынҷкәын 15 рзы.
Аицлабра акомиссиахь инанагеит аԥснытәи ашколхәыҷқәеи астудентцәеи русумҭақәа 450. Дара алакәқәа рҩит, ахәмаррақәа аԥырҵеит, афольклортә традициақәа рмотивқәа рыла аудио-авидеосиужетқәа ҭарҩит.
"Шәара еиҭашәҳәеит Аԥсадгьыл абзиабара захьӡу, ахатәы бызшәа пату шақәҵатәу. Шәара шәхы аашәырԥшит Зыԥсадгьыл бзиа избо, зхатәы бызшәа зҭаху, ирҩуа-ирҳәо здыруа ҟазацәаны", - лҳәеит Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет Агуманитартә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ольга Ганжара.
Аицлабра "Ажәа ашьаҭақәа" аҿы аиааира згаз рыхьӡқәа ҳәоуп
© Sputnik
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба иажәақәа рыла, аҿарацәа ари аицлабра иахьалахәу - рхатәы бызшәеи ркультуреи бзиа ишырбо шаҳаҭра ауеит.
"Афольклор - ари доуҳатә культуроуп, жәлар рҟәыӷароуп. Ҳара ҳҿаԥхьа дҵас иқәгылаз уи ауп - ашколтә ҵараиура аҩаӡараҿы абызшәеи акультуреи шаҳдыруа, пату шақәаҳҵо аарԥшра", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аноминациа "Аурыси аԥсуеи фольклор атрадициақәа ҳаҭыр рықәҵаразы" аҟны актәи аҭыԥ ааникылеит Пицундатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҵаҩы Алексеи Ураев. Аноминациа "Аурыси аԥсуеи фольклори рдырразы" аҟны актәи аанылкылеит Сариа Бигәааԥҳа – Аҟәатәи ашкол №5.
"Еиҳа рҿиарала иазнеиз" аноминациаҿы актәи аҭыԥ ргеит Софиа Арӡынԥҳа, Сандро Аӡынба, Баграт Гьемуа, Ксениа Аԥшьлааԥҳа.
"Аишәатә хәмарра иреиӷьу асценари" азы аиааира ргеит акоманда – Адиле Агрԥҳа, Леиа Дбарԥҳа, Лана Гьеџьуаԥҳа, Мадлена Ӷәынџьиаԥҳа, Амира Тәанԥҳа, Нестор Шьакаиа.
"Иреиӷьу авидеонҵамҭа" аноминациаҿы актәи аҭыԥ ргеит Пицундатәи аҩбатәи ашкол аҵаҩцәа – Екатерина Квачева, Оксана Тозлиан, Елизавета Хубулова, Арнелла Гогәуаԥҳа, Андреи Абраменко.
Аноминациа "Иреиӷьу алакә" аҟны аиааира лгеит Аҟәатәи абжьаратә школ №5 аҵаҩы Санеиа Блабԥҳа.
Адипломқәеи аҳамҭақәеи рырҭеит ашколқәа рҵаҩцәеи рнапхгаҩцәеи.