Аԥсны

Аҭыԥҳацәа шәаҳәоит: ансамбль "Гәында" иазкны

Sputnik
Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" мышқәак рышьҭахь иазгәанаҭоит 45 шықәса ахыҵра. Уи асахьаркыратә напхгаҩы, Жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳаи ахымаа арҳәаҩы Саида Алҭеиԥҳаи арадио Sputnik астудиахь ааԥхьара рыман. Дара еиҭарҳәеит ааигәа Нхыҵ Уаԥстәыла излахәыз жәларбжьаратәи афольклортә фестиваль шымҩаԥысыз, ишрыдыркылаз, ансамбль аиубилеи иадҳәалоу аконцерт аҽазыҟаҵарақәа ишырҿу. Иара убас азыӡырыҩцәеи ахәаԥшцәеи рзы ишәаҳәеит. Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.